Аԥсны

Аҟәа амцакраан ааха зауз ахаҵа иԥсҭазаара далҵит

Аҟәа, Арӡынба имҩаҿ игылоу аҩны №143 аҟны амцакра ҟалеит мшаԥы 5 рзы, уи иахҟьаны ааха роуит ԥшьҩык ауааԥсыра, урҭ рахьынтәи ҩыџьа - ахәыҷқәа.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 17 – Sputnik. Мшаԥы 5 рзы Аҟәа амцакраан ааха зауз ахаҵа иԥсҭазаара далҵит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистрра.
Иҟалаз амцакра ашьҭахь иара Шәачатәи ахәшәтәырҭахь днаган, уантәи Краснодар аблырсҭатә Центр ахь диаган.
Уаанӡа, амцакраан аблырсҭа рацәа зауз иԥшәмаԥҳәыс лыԥсҭазаара далҵит мшаԥы 16 рзы. Зықәра маҷу урҭ рыхшара ҩыџьа ракәзаргьы ахәшәтәырҭа иҭоуп, ррыԥҳақәа иԥсабаратәымкәа аҳауа рҭадырсуеит. Рҭагылазаашьа акыр ихьанҭаны иҟоуп.
Мшаԥы 5 рзы Аҟәа, Арӡынба имҩаҿ игылоу аҩны №143 аҟны амцакра ҟалеит. Ааха зауыз аҭаацәара Урыстәылатәи ахәшәтәырҭақәа рахь инаган.
Аԥсны
Мшаԥы 5 рзы Аҟәа амцакраан аблырсҭа рацәа зауз аԥҳәыс лыԥсҭазаара далҵит