АҞӘА, мшаԥы 17 – Sputnik. Аԥсны атәылауаҩ 590 ҭоԥ асигарет Урыстәылаҟа аиагара иҽазишәеит ҳәа аанацҳауеит Краснодартәи аҳазалхырҭа Шәача ақалақь апресс-маҵзура.
Автомашьына BMW 5201 аҩнуҵҟа азауадтә былтәыҭгагақәа ирызку аҭыԥ аҿы аконтрабанда аарԥшын. Аҳазалхыҩцәа "Morion Crystal Gold Slims" адырга иеиуоу 11 800 сигарет акцизтә дыргада иҭыргеит.
32-шықәса зхыҵуа амашьынарныҟәцаҩ иҳәеит асигаретқәа Аԥсны иаахәаны Урыстәылаҟа идыруа аӡәы ишизигоз. Краснодартәи аҳазалхырҭа иазгәанаҭеит аҵыхәтәантәи аамҭазы азакәанеилагаҩцәа аконтрабандаз еиҳа агәҩара ркрым ҳәа зыхә дуу автомашьынақәа рхы иадырхәо ишалагаз.
Аҭыҭын аалыҵи автомашьынеи зтәу имхуп, административтә зинеилагараз аус хацыркуп.