Аԥсны

Аҟәа ахәҭак аӡы ҟалаӡом ахәаша, мшаԥы 19 рзы

Аӡы аанкылахоит аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ирыхҟьаны.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 18 – Sputnik. Аҟәа ахәҭак аӡы ҟалаӡом ахәаша, мшаԥы 19 рзы ҳәа аанацҳауеит "Аӡыршьҭра".
Инал-иԥеи Лакобеи рымҩадуқәа реихҵәарсҭа аҭыԥ аҟны имҩаԥысуа аиҭашьақәыргыларатә усқәа ирыхҟьаны аӡы аанкылахоит асааҭ 00:00 инаркны 20:00 рҟынӡа.
Аӡы ҟалаӡом: Ажәытә ҳабла, ВИЕМ, Алашарабага, Адыгеиаа рымҩа, ақалақь агәи ашьхара иахьаԥнуи.