АҞӘА, мшаԥы 18 – Sputnik, Бадри Есиава. Гәдоуҭа араион Анхәа ақыҭан аџьи ахьеи 1500 шьапы еиҭарҳараны иҟоуп ҳәа Sputnik иазеиҭалҳәеит Абнанхамҩа аусбарҭа анџьныр Елана Сыҷынааԥҳа.
Лара лажәақәа рыла уажәы аусурақәа цоит Афонҿыцтәи абнанхамҩа иахьаҵанакуа.
"Уа 1500 шьапы аҵлаҟата еиҭарҳараны иҟоуп. Ахьаҵла аҽа ҵлахкык алаҳаԥсоит. Ари аҩыза аметодика еиҳа иҵоураны ахы аанарԥшуеит, еиҳа еиқәхоит аиҭаҳатәқәа", - ҳәа лҳәеит лара.
Сыҷынааԥҳа илҳәеит аиҭаҳатәқәа Аԥсны ишаархәаз, дара шеиҭарҳуа аҵлақәа ахьмаҷу аҭыԥқәа рыҟны.
Иара убас аҟазацәа егьырҭ аусурақәагьы мҩаԥыргоит, хәызмоу аҵлақәа ахьызҳауа аҭыԥқәа рыҟны ажәырҭи абардрақәеи ықәыргоит, идрыцқьоит, адгьыл кәакәаны иҟарҵоит, аандақәа акәдыршоит.
Лана Сыҷынааԥҳа илҳәеит 30-ҟа шықәса раԥхьа акәыкәбаачымазара иахҟьаны ахьа аҵҩаара ишалагаз. Дара мҽхакыҭбаала ирхәшәтәыртә еиԥш алшарақәа шыҟамыз.
Есышықәса аиԥш зеиԥшу аусурақәа мҩаԥыргоит егьырҭ Аԥсны араионқәа егьырҭ абнанхамҩақәагьы.