Аԥсны

Алаҳаӡы ақыҭан абылра иаҿыз агәамсамеизгарҭа ырцәоуп

Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 20 - Sputnik. Алаҳаӡы ақыҭан абылра иаҿыз агәамсамеизгарҭа ырцәоуп ҳәа Sputnik адырра аиҭеит Гагра "Автонхамҩа ҷыда" аиҳабы Ҭемыр Бигәаа.
Илеиз ақәа иахҟьаны абылра иаҿыз агәамсамеизгарҭа аҵакыраҟны ахылҩа-ԥсылҩа шьҭыҵит. Иара алҩа иалачит, уи иахҟьаны ааигәа-сигәа инхои Гагра ақалақьи рҟынӡа афҩы цәгьа раҳалар алшоит иҳәеит Бигәаа.
Алаҳаӡы ақыҭан агәамсамеизгарҭа амца акит аҩаша, мшаҧымза 9 рзы, уи аҵакыра 700-800 метр ҧшьыркца инаӡон.