АҞӘА, мшаԥы 23 – Sputnik. Адырга ҷыда зқәымыз 51 ҭоԥ аҭаҭын "Ԥсоу" аҳәааҿы ирымырхит аҳазалхратә еилакы аусзуҩцәа, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны аҳазалхратә еилакы.
Аҭаҭынаалыҵ Урыстәылантәи Аԥсныҟа алагалара рҽазыршәеит амашьына аидараҭыԥ иҭаҵаны.
Аҭоԥқәа рымырхит. Административтә зинеилагаразы аматериалқәа ашьаусԥшааранӡатәии аҳазалхратә шьаусԥшаарақәеи рыҟәшахьы ирыҭоуп.