Аԥсны

Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет аҿы иаартхоит МГИМО ашкол

Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 24 – Sputnik, Асмат Ҵәыџьԥҳа. Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет аҿы иаартхоит МГИМО ашкол.
ААУ аректор Алеко Гәарамиа иажәақәа рыла, мшаԥымза 25 рзы МГИМО аректор Анатоли Торкунов авидеоаацҳамҭа ааишьҭоит, уаҟа иара ААУ аҟны МГИМО ашкол аартразы ажәалагала ҟаиҵоит.
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба иажәақәа рыла, ашкол аартра аинтерес азааирԥшит МГИМО аректор Анатоли Торкунов. Иара аинтерес имоуп Аԥсны шыҿио адырра, хаҭала ААУ аҭаара игәҭакуп.
1 / 4
Сергей Маркедонов
2 / 4

Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет аҿы иаартхоит МГИМО ашкол

3 / 4

Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет аҿы иаартхоит МГИМО ашкол

4 / 4

Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет аҿы иаартхоит МГИМО ашкол

Арӡынба агәыӷра ааирԥшит ашкол аҿы алекциақәа рымҩаԥысра адагьы ԥхьаҟатәи амҩа аазыртыша ауаа рԥыларақәа ҟалап ҳәа.
Аԥсны
МГИМО ашкол аадыртуеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҿы