Аԥсны

Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа азы аԥаратә ҳамҭа шьҭыхуп

Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 24 – Sputnik. 200 нызқь мааҭ рҟынӡа ишьҭыхуп алитературеи, аҟазареи, архитектуреи рзы Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа азы аԥаратә ҳамҭа.
Аҳәынҭқарратә премиа аиуразы аԥҟарақәа аиҭакрақәа алеигалеит Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа.
Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа аԥҵан 1967 шықәсазы. Раԥхьаӡа апремиа ранашьан Баграт Шьынқәбеи Иван Папасқьыри. Алитература, аҟазара, архитектура русхк аҿы апремиа ранаршьоит ес-хышықәса.
Аԥсны
Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа аиура зылшо рыхьӡқәа ҳәоуп