Аԥсуаҭҵааратә институт аҿы имҩаԥысуеит аҵарауаҩ, абызшәаҭҵааҩы, алитератураҭҵааҩы, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Хәыхәыт Бӷажәба диижьҭеи 110 шықәса аҵра иазку аихшьаалатә сессиа. Усмҩаԥгатә алахәыла, аԥсуаҭҵаарадырратә институт алитература аҟәша аҭҵаарадырратә усзуҩы еиҵбы Дифа Габниаԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит асессиазы иазырхиаз лажәахә атәы.
Аҵарауаҩ асессиаҿы ицәырылгеит Шьалодиа Аџьынџьал ироман "Амзаҿа ангыло" аԥҳәыс лхаҿсахьа шаарԥшу, убри аан Габниаԥҳа илҳәеит аҵарауаа реизара шныҳәоу дара рзы мацара акәым аԥсуа жәлар рзы, избанзар арҭ амшқәа ирылагӡаны 80 рҟынӡа ажәахә ҟаҵахоит.
"Раԥхьатәи амш азы иӡыргаз ажәахәқәа иреиуоуп Станислав Лакоба иусамҭа Хәыхәыт Бӷажәба иаб Сибраҟа дыхганы даныҟаз иҭоурых атәы зҳәо. Аинтерес зҵаз аҭоурыхтә фактқәа азыӡырҩцәа иахьҳадгалаз хҭыс дууп, избанзар урҭ раԥхьаӡа акәны ауаа рахь инаган. Хәыхәыҭ Бӷажәба еиуеиԥшым ахырхарҭала аус иуан аҟынтә анаукатә сессиагьы еиднакылеит афольклор, аетнологиа, археологиа, алитература, уҳәа ирацәаны аусумҭақәа. Актәи амш азы аус зуа абызшәеи алитературеи аҟәша акәын. Уи алҵшәа бзиақәа аанарԥшит. Ицәыргаз атемақәа зегьы аинтерес рыман", - лҳәеит Габниаԥҳа.
Аҵарауаҩ еиҭалҳәеит хаҭала лара лажәахә атема залылхыз, насгьы бжьышықәса инеиԥынкыланы аԥҳәыс лхаҿсахьа аԥсуа литератураҿы аҭҵаара дшазнеиз атәы.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.