https://sputnik-abkhazia.info/20240424/gabniaa-eialeit-ays-lkhasakha-asua-literaturay-iaannakylo-ay-aty-1050855023.html
Габниаԥҳа еиҭалҳәеит аԥҳәыс лхаҿсахьа аԥсуа литератураҿы иааннакыло аҭыԥ атәы
Габниаԥҳа еиҭалҳәеит аԥҳәыс лхаҿсахьа аԥсуа литератураҿы иааннакыло аҭыԥ атәы
Sputnik Аҧсны
Аԥсуаҭҵааратә институт аҿы имҩаԥысуеит аҵарауаҩ, абызшәаҭҵааҩы, алитератураҭҵааҩы, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Хәыхәыт Бӷажәба диижьҭеи 110 шықәса аҵра... 24.04.2024, Sputnik Аҧсны
2024-04-24T18:00+0300
2024-04-24T18:00+0300
2024-04-24T18:00+0300
арадио
аԥсны
аподкаст
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/04/18/1050854859_0:0:1512:852_1920x0_80_0_0_6f22899149b329e0b0ba7351edd91210.jpg
Габниаԥҳа еиҭалҳәеит, аԥҳәыс лхаҿсахьа аԥсуа литератураҿы иаанакыло аҭыԥ атәы
Sputnik Аҧсны
Габниаԥҳа еиҭалҳәеит, аԥҳәыс лхаҿсахьа аԥсуа литератураҿы иаанакыло аҭыԥ атәы
Аԥсуаҭҵааратә институт аҿы имҩаԥысуеит аҵарауаҩ, абызшәаҭҵааҩы, алитератураҭҵааҩы, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Хәыхәыт Бӷажәба диижьҭеи 110 шықәса аҵра иазку аихшьаалатә сессиа. Усмҩаԥгатә алахәыла, аԥсуаҭҵаарадырратә институт алитература аҟәша аҭҵаарадырратә усзуҩы еиҵбы Дифа Габниаԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит асессиазы иазырхиаз лажәахә атәы.Аҵарауаҩ асессиаҿы ицәырылгеит Шьалодиа Аџьынџьал ироман "Амзаҿа ангыло" аԥҳәыс лхаҿсахьа шаарԥшу, убри аан Габниаԥҳа илҳәеит аҵарауаа реизара шныҳәоу дара рзы мацара акәым аԥсуа жәлар рзы, избанзар арҭ амшқәа ирылагӡаны 80 рҟынӡа ажәахә ҟаҵахоит."Раԥхьатәи амш азы иӡыргаз ажәахәқәа иреиуоуп Станислав Лакоба иусамҭа Хәыхәыт Бӷажәба иаб Сибраҟа дыхганы даныҟаз иҭоурых атәы зҳәо. Аинтерес зҵаз аҭоурыхтә фактқәа азыӡырҩцәа иахьҳадгалаз хҭыс дууп, избанзар урҭ раԥхьаӡа акәны ауаа рахь инаган. Хәыхәыҭ Бӷажәба еиуеиԥшым ахырхарҭала аус иуан аҟынтә анаукатә сессиагьы еиднакылеит афольклор, аетнологиа, археологиа, алитература, уҳәа ирацәаны аусумҭақәа. Актәи амш азы аус зуа абызшәеи алитературеи аҟәша акәын. Уи алҵшәа бзиақәа аанарԥшит. Ицәыргаз атемақәа зегьы аинтерес рыман", - лҳәеит Габниаԥҳа.Аҵарауаҩ еиҭалҳәеит хаҭала лара лажәахә атема залылхыз, насгьы бжьышықәса инеиԥынкыланы аԥҳәыс лхаҿсахьа аԥсуа литератураҿы аҭҵаара дшазнеиз атәы.Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2024
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/04/18/1050854859_42:0:1482:1080_1920x0_80_0_0_e7fb2552046d0005e5f0daa85e80e85d.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, аподкаст, аудио
Габниаԥҳа еиҭалҳәеит аԥҳәыс лхаҿсахьа аԥсуа литератураҿы иааннакыло аҭыԥ атәы
Аԥсуаҭҵааратә институт аҿы имҩаԥысуеит аҵарауаҩ, абызшәаҭҵааҩы, алитератураҭҵааҩы, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Хәыхәыт Бӷажәба диижьҭеи 110 шықәса аҵра иазку аихшьаалатә сессиа. Усмҩаԥгатә алахәыла, аԥсуаҭҵаарадырратә институт алитература аҟәша аҭҵаарадырратә усзуҩы еиҵбы Дифа Габниаԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит асессиазы иазырхиаз лажәахә атәы.
Аҵарауаҩ асессиаҿы ицәырылгеит Шьалодиа Аџьынџьал ироман "Амзаҿа ангыло" аԥҳәыс лхаҿсахьа шаарԥшу, убри аан Габниаԥҳа илҳәеит аҵарауаа реизара шныҳәоу дара рзы мацара акәым аԥсуа жәлар рзы, избанзар арҭ амшқәа ирылагӡаны 80 рҟынӡа ажәахә ҟаҵахоит.
"Раԥхьатәи амш азы иӡыргаз ажәахәқәа иреиуоуп Станислав Лакоба иусамҭа Хәыхәыт Бӷажәба иаб Сибраҟа дыхганы даныҟаз иҭоурых атәы зҳәо. Аинтерес зҵаз аҭоурыхтә фактқәа азыӡырҩцәа иахьҳадгалаз хҭыс дууп, избанзар урҭ раԥхьаӡа акәны ауаа рахь инаган. Хәыхәыҭ Бӷажәба еиуеиԥшым ахырхарҭала аус иуан аҟынтә анаукатә сессиагьы еиднакылеит афольклор, аетнологиа, археологиа, алитература, уҳәа ирацәаны аусумҭақәа. Актәи амш азы аус зуа абызшәеи алитературеи аҟәша акәын. Уи алҵшәа бзиақәа аанарԥшит. Ицәыргаз атемақәа зегьы аинтерес рыман", - лҳәеит Габниаԥҳа.
Аҵарауаҩ еиҭалҳәеит хаҭала лара лажәахә атема залылхыз, насгьы бжьышықәса инеиԥынкыланы аԥҳәыс лхаҿсахьа аԥсуа литератураҿы аҭҵаара дшазнеиз атәы.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.