Аԥсны

Ҳашыг Апарламент адепутат иганахьала иахәҭам хымҩаԥгашьоуп ҳәа ахиҳәааит

Жәлар Реизара асессиа аилатәара мҩаԥысит Аҟәа аԥшьаша, мшаԥы 25 рзы.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 25 – Sputnik. Жәлар Реизара асессиа аилатәара ҭызхуаз ажурналист Изида Ҷаниаԥҳа лҭел лымзԥааз адепутат Асҭамыр Гьерхьелиа иганахьала иахәҭам хымҩаԥгашьоуп ҳәа ахиҳәааит Аԥсны Ажурналистцәа реидгыла ахантәаҩы Руслан Ҳашыг.
"Агәра ганы сыҟоуп, имҩаԥысуа ахҭысқәа раан ажурналистцәеи аоператорцәеи рзанааҭтә ус анагӡараан, ахатәы еизыҟазаашьақәа ирҿымҧшкәа аӡәгьы урҭ рԥырхагахара азин имам ҳәа", — аҳәоит Аԥсны Ажурналистцәа реидгыла ахантәаҩы иҟаиҵаз ҳәамҭа аҟны.
Ҳашыг агәыӷра ааирԥшит иҟалаз ахҭыс аиԥш зеиԥшу аԥхьаҟагь иҟаларым ҳәа.