Аԥсны

Аслан Бжьаниа Архангельсктәи аобласт аҟынтәи аделегациа идикылеит

Аԥсны ахадеи Архангельсктәи аобласт агубернатор актәи ихаҭыԥуаҩи ишьақәдырӷәӷәеит ареспубликеи аобласти рыбжьара еицырзыфеидоу аизыҟазаашьақәа шдырҿиало.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 26 – Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Архангельсктәи аобласт агубернатор актәи ихаҭыԥуаҩ Ваге Петросиан зхадараҿы дыҟоу аделегациа идикылеит.
Бжьаниа иазгәеиҭеит Петросиан ихадоу имиссианы ишыҟоу ареспубликеи аобласти рыбжьара еицырзыфеидоу аизыҟазаашьақәа рырҿиара.
Ваге Петросиан Аԥсны ахада иҭабуп ҳәа иеиҳәеит иааԥхьаразы, иазгәеиҭеит асеиԥш иҟоу аиԥыларақәа традицианы ишыҟалаз.
"Саацыԥхьаӡа избоит Аҟәа еиҳа-еиҳа ишҿио. Еиҳа-еиҳа имаҷхоит 30 шықәса раԥхьа аҭыԥ змаз арыцҳара ашьаҭақәа. Агәахәара унаҭоит ареспублика аҿиара", - ҳәа иҳәеит иара.
2023 шықәсазы Аԥсни Архангельсктәи аобласти рыбжьара ахәаахәҭратә еикәыршара жәантә еиҳахеит ҳәа иҳәеит Ваге Петросиан Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа иԥылараан.
Иара иазгәеиҭеит, арҭ аизыҟазаашьақәа аԥеиԥш бзиа шрымоу, рылшарақәа еиҳагьы ишеиҳахо Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза аусура ианалагалак.
Аԥсны
Бадра Гәынбеи Бабышьира ақыҭа ауааԥсыреи аҳаирбаӷәаза аиҭашьақәыргылара иалацәажәеит
Аслан Бжьаниа агәыӷра ааирԥшит жәҩахыреибыҭала Аԥсны ианыԥшыша алҵшәақәа шыҟало азы.