Аԥсны

Аԥсны акциа "Аиааира адиктант" алагеит

Акциа азкуп Ленинград ахақәиҭтәра 80 шықәса ахыҵреи, асовет ар СССР аҳәаахь рцәырҵреи, егьырҭ агәаларшәаратә рыцхәқәеи.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 26 – Sputnik. Жәларбжьаратәи акциа "Аиааира адиктант" алагеит Аԥсны.
Акциа мҩаԥысуеит Аԥсны иҟоу Россотрудничество ахаҭарнакреи, гьечрыԥшьҭәии тҟәарчалтәи аҩбатәии абжьаратә школқәет рыҟны.
Уаанӡа "Аиааира адиктант" Аџьынџьтәылатә еибашьра ду азеиԥш дыррақәа ирызкызҭгьы, уажәы арегионалтә ҭоурыхқәагьы аҵанакуеит. Сынтәа Аԥсны иазку азҵаарақәагь хәба ҟалоит", - ҳәа иҳәеит Россотрудничество ахаҭарнакра ахада Дмитри Федотов.
Азҵаарақәа реиқәыршәараҿы Аурыс ҩны иацхраауан Ахьӡ-аԥша амузеи.
Акциа "Аиааира адиктант" мҩаԥыргоижьҭеи сынтәа фышықәсоуп. Есышықәса акциа зҽалазырхәуа атәылақәеи алахәылацәеи рхыԥхьаӡара иацлоит. Сынтәа "Аиааира адиктант" аҩра иалахәхоит 58 ҳәынҭқарра.