Аԥсны

Аԥсны абыргцәа рхеилак ахантәаҩыс деиҭалхын Аполлон Думаа

Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 27 – Sputnik. Аԥсны абыргцәа рхеилак ахантәаҩыс деиҭалхын Аполлон Думаа.
Аԥсны абыргцәа рхеилак аԥҟаԥҵәа инақәыршәаны хышықәса рахьтә знык ахантәаҩы далырхуеит.
Аполлон Думаа диит ԥхынҷкәын 21 1942 шықәсазы, Ҭхьына ақыҭан. Иара амилаҭтә хақәиҭратә қәԥара далахәын, Аԥсны Жәлар рфорум "Аидгылара" Очамчыратәи аҟәша аартра аԥхьагылаҩцәа дыруаӡәкуп, Кавказ ажәларқәа реизара дуқәа изныкымкәа дрылахәхахьан. Аполлон Думаа Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра 1992-1993 шықәсқәа рзы Мрагыларатәи афронт ахырӷәӷәарҭақәа ахьчараҿы илагалазы Леон иорден ианашьан.