Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Ҟәыбина иажәлаз украинатәи аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа зегьы ҭархоуп

Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 27 – Sputnik. Ҟ әыбина иажәлаз украинатәи аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа зегьы ҭархоуп, абри атәы ааицҳауеит Краснодартәи атәылаҿацә агубернатор Вениамин Кондратьев.
Славианск, Северск, Кушьевск араионқәа рҟны ишҭархоу адронқәа жәаба азгәеиҭеит иара.
Аԥхасҭеи ԥырхагеи аӡәгьы ирмоуит. Аоперативттә маҵзурақәа аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа ахькаҳаз аҭыԥқәа рҟны амцакрақәа дырцәоит.