Аԥсны

Урыстәылантә Аԥсныҟа "иаку абилеҭ" ала аныҟәара анхацыркхо арыцхә еилкаахеит

Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 28 – Sputnik. Мшаԥымза 30 инаркны цәыббрамза 30 рҟынӡа Урыстәылантә Аԥсны ақалақьқәа рахь "иаку абилеҭ" ала аныҟәарақәа мҩаԥгахоит.
Апассаџьырцәа Адлертәи аихамҩатә вокзал аҟынтәии Шәачатәи аҳаирбаӷәаза аҟынтәии иргоит абарҭ ахырхарҭақәа рахь:
Шәача-Гагра – 681 мааҭ,
Шәача-Пицунда - 752 мааҭ,
Шәача-Гәдоуҭа - 790 мааҭ,
Шәача-Афон – 869 мааҭ,
Шәача-Аҟәа - 935 мааҭ.
2023 шықәсазы Иаку абилеҭ ала имҩанган 6000-ҩык. Ари 1,5 нтәы еиҳан 2022-шықәсазы аасҭа.