Аԥсны

Аҟәа Надежда Курченко лбаҟа ҿыц ықәыргылоуп

Надежда Курченко — 19 шықәса зхыҵуаз астиуардесса, жьҭаара 15 1970 шықәсазы Аҟәа-Баҭым ибжьаз аҳаирплан Ан-24 зымпыҵазхалаз атеррористцәа гәышԥыла дырҿагылеит, дагьҭахеит.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 29 – Sputnik. Надежда Курченко лбаҟа ҿыц ықәдыргылеит лыхьӡ зху аҟәатәи абаҳчаҟны.
Аскульптура авторс дамоуп асахьаҭыхҩы, асахьаҭыхратә ҵараиурҭа аусзуҩ Ҭемыр Аҳәба.
Иара иажәақәа рыла, асахьақәыргыла шықәсыбжак иназынаԥшуа аус адиулон. Раԥхьа анышәаԥшь ихы иаирхәеит, анаҩс агиԥс ала. Абаҟа даналга ростовтәи арҭәаратә зауад аҟны идырҭәеит.

"Асахьа еиԥшны иҟаҵатәын азы ицәгьан, архивтә фотосахьақәа ԥшааны убри ала аус адызулит", - ҳәа азгәеиҭеит Аҳәба.

Надежда Курченко — 19 шықәса зхыҵуаз астиуардесса, жьҭаара 15 1970 шықәсазы Аҟәа-Баҭым ибжьаз аҳаирплан Ан-24 зымпыҵазхалаз атеррористцәа гәышԥыла дырҿагылеит, дагьҭахеит. СССР Иреиҳаӡоу асовет апрезидиум ақәҵарала Надежда Курченко лгәымшәареи лфырхаҵареи рзы данҭаха ашьҭахь Абираҟ Ҟаԥшь аорден ланашьоуп.
Надежда Курченко анышә дамардеит, иахьа уажәраанӡагь лыхьӡ зху Аҟәа апаркқәа руак аҿы. 1990 шықәсазы лан иҟалҵаз аҳәарала Удмуртиаҟа лыԥсыбаҩ ииаргеит. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан абаҟа ааха ӷәӷәаны иаиуит, анаҩс 2013 шықәсазы аҵла анақәҳа ашьҭахь шьаҭанкыла аиҭашьақәыргылара аҭаххеит.