Зхы иақәиҭу акьыԥхь амш азгәарҭоит адунеи аҿы лаҵарамза 3 рзы.
Аԥсны ажурналистцәа реидгыла ахантәаҩы Руслан Ҳашыг арадио Sputnik аҟны дазааҭгылеит Аԥсны АИХ-қәа ажәа ахақәиҭра ахьынӡарымоу, уи аԥҟарақәа иахьынӡарықәнаҟәо, ахақәиҭра инагӡаныҵәҟьа иахьынӡазыҟало.
Шәахәаԥш арадиостудиаҟынтәи инарҭбаау авидеонҵамҭа.