Аԥсны

Донбасс ахатәгәаԥхаҩцәа рымш азгәарҭеит Аҟәа

Sputnik
АҞӘА, лаҵара 6 - Sputnik. Донбасс ахатәгәаԥхаҩцәа рымш азгәарҭеит Аҟәа, лаҵара 6 рзы.
Идырым асолдаҭ ибаҟа аҿаԥхьа ашәҭқәа шьҭаҵан, имҩаԥган амитинг.
Ауснагӡатә аҟны Ахатәгәаԥхаҩцәа рдырга ҷыда ранашьан аибашьцәа 41-ы, жәҩык аволонтиорцәа.
Донбасс ахатәгәаԥхаҩцәа рымш азгәарҭоит лаҵара 6 2015 шықәса раахыс. Аԥснынтәи ахатәгәаԥхаҩцәа Донбасс ахьчаразы рхы ақәырҵеит 39-ҩык.