АҞӘА, лаҵара 7 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" ихацнаркит 17 шықәса зхыҵуа Анри Аргәын изы аԥареизгара.
Анри ахәыҷтәы ахбаҩлашатә даблачымазара имоуп. Ихала дныҟәарц азы 2021 шықәсазы аортапедиатә ԥҟара изыҟаҵан. 2022 - 2023 шықәсқәа рзы даҽазныкгьы Афонд ацхыраарала аҷкәын ареабилитациатә курсқәа дырхыжьын, алҵшәа бзиагь аиуит.
Анри уажәы алаба ицырхыраауа акәзаргьы ихала дныҟәоит, лабадагьы аныҟәара иҽазишәоит, аха макьаназ ус ахара дыцом.
Анри Аргәын даҽазныкгьы ареабилитациатә усмҩаԥгатәқәа дырхысырц азы еизгатәуп 403 200 мааҭ аԥара. Ацхыраара ҟазҵар зҭаху аинформациа шәоур шәылшоит ателеграм-канал @fondashan аҿы, мамзаргьы афонд аофициалтә саит аҿы.