Аԥсны

Аԥсни Урыстәылеи ҩынтәны ашәахтә ақәлара аҽацәхьакраз аиқәшаҳаҭра рнапы аҵариҩит

Аиқәшаҳаҭра азинмч аиуеит 2025 шықәсазы.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 7 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны афинансқәа рминистр Владимир Делбеи Урыстәыла афинансқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Алексеи Сазанови Аԥсни Урыстәылеи ҩынтәны ашәахтә ақәлара аҽацәхьакрази ахашәалақәа рзы ашәахтәқәа рҽацәхьакра алмыршарази аиҳабырабжьаратә еиқәшаҳаҭра рнапы аҵариҩит.
Аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра ашьҭахь Сазанов Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа дидикылеит. Атәыла ахадаа иҳәеит аиқәшаҳаҭра Аԥсны аекономика аҿиаразы алшара ҿыцқәа аанартуеит ҳәа.