АҞӘА, лаҵара 7 - Sputnik. ХХ ашәышықәса 30-50-тәи ашықәсқәа раантәи Аԥсны арратә ҭоурых азы адокументқәа Аԥсуаҭҵааратә институт ҳамҭас иаҭоуп.
Адокументқәа рҿы еизгоуп аԥснынтә Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду иалахәыз 27-ҩык рзы аинформациа. Адокументқәа рхаҭақәа аинститут аҿы иҵәахызаауеит, ахкьыԥхьаақәа Аҳәынҭархив, Атәылахьчара аминистрра, Аҳәынҭмузеи, Ахьӡ-аԥша амузеи рҿы.
Архивтә материалқәа аԥснытәи аҭоурыхҭҵааҩ Николаи Медвенски ила аинститут иарҭеит урыстәылатәи аҭоурыхҭҵааҩцәа Григори Ларини Виачеслав Филлипови. Дара арҭ адокументқәа аинтернет-дәқьан аҿы иаархәеит.