АҞӘА, лаҵара 8 - Sputnik. Владимир Путин Аслан Бжьаниа Аџьынџьтәылатә еибашьраҟны игаз Аиааира Ду амш идиныҳәалеит.
Ателеграммақәа иара убасгьы ирзынашьҭын Азербаиџьан, Ермантәыла, Белоруссиа, Ҟазахстан, Киргизиа, Таџьикистан, Туркменистан, Узбекистан, Аахыҵ Уаԥстәыла рхадацәа, Қырҭтәылеи Молдавиеи рыжәларқәа.
"Ҳзеиԥш ҭоурых аиҭакра ма ахаршҭра аҽазышәара аԥырҟәҟәаалатәуп. Ҳәарада еиҵагыло ԥхьаҟатәи абиԥарақәа ирзеиқәырхалатәуп, ирымадалатәуп ҳаиҩызаратә традициақәа, ҳаицхыраара - ҳабацәеи ҳабдуцәеи рзы ицхыраагӡаз, анацизм аилаԥыххаареи аибашьратә ԥышәареи рыуадаҩрақәа рхыгара алзыршаз", — ҳәа аҳәоит атекст аҿы.
Путин агәыӷра ааирԥшит аибашьра адәаҿы иӡрыжәхаз аиашьаратә еиҩызара шьаҭаны иҟалап ҳәа атәылақәеи ажәларқәеи реизыҟазаашьақәа рыҿиараҿы.