АҞӘА, лаҵара 9 – Sputnik. Аҟәа, Идырым асолдаҭ ибаҟа аҿаԥхьа акциа "Агәалашәара амца" мҩаԥысит.
Ҿыцәаара зқәым амца аркын. Ауснагӡатә еиҿыркааит Владислав Арӡынба ихьӡ зху Аибашьратә фырхаҵара амузеи.
Аҟәа, Идырым асолдаҭ ибаҟа аҿаԥхьа "Агәалашәара амца" аркын
© Sputnik / Томас Тхайцук
Ҿыцәаара зқәым амца аҟәырҷаха Аԥсныҟа иааргеит лаҵарамза 4 рзы, "Амилаҭ фронт" аволонтиорцәеи Россотрудничествои рыбзоурала.
Ҿыцәаара зқәым амца 14 тәылеи 100 қалақьки инареиҳаны рахь ирышьҭит.