Џьума Габуниа иабду иашьцәа ҩыџьа рхылҵ фҩык цеит афронт ахь. Урҭ рахьынтә аҩныҟа ихынҳәыз хҩык роуп.
"Аибашьра анеилгагьы акыраамҭа изымааз, аплен зхызгаз дреиуоуп Бадра Тапагә-иԥа Габуниа, уи иашьеиҵбы - аҩбатәи агәыԥ ахымхәа ҳәа иааз дреиуоп. Егьи, ҳаб иашьа иааз Керч аныргоз иарӷьанапы ицәыӡит. Бадра Тапагә-иԥа иааӡеит ааҩык ахшара, Ҳит иааӡеит ҩыџьа ахшара, Шамел иааӡеит хәҩык", - ҳәа еиҭеиҳәеит Џьума.
Џьума Габуниа иҳәеит, Бадра ак ишәымкәа зныкгьы уаҩы дшимбацыз, зны илаԥш даныҵашәа, иҟәаҟәаҿы еибгаз ҭыԥк шыҟамыз шгәаиҭаз, ашәахсҭа дарган.
Габуниа иара убасгьы еиҭеиҳәеит аибашьратә хҭысқәа иабду иашьцәа рхылҵ рҟынтә иаҳахьаз.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.