https://sputnik-abkhazia.info/20240509/gabunia-eieieit-ayntylat-eibashra-du-iadalou-iaatsara-rkhaa-aty---1051029236.html
Габуниа еиҭеиҳәеит Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду иадҳәалоу иҭаацәара рхьаа атәы
Габуниа еиҭеиҳәеит Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду иадҳәалоу иҭаацәара рхьаа атәы
Sputnik Аҧсны
Жәандәрыԥшь ақыҭан инхо Џьума Габуниа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит, Аиааира Ду амш иара иҭаацәаразы ҵакыс иамоу атәы, насгьы рабиԥара аҟынтә еибашьуаз... 09.05.2024, Sputnik Аҧсны
2024-05-09T18:00+0300
2024-05-09T18:00+0300
2024-05-09T20:28+0300
арадио
аԥсны
аподкаст
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/05/09/1051029072_0:0:2000:1125_1920x0_80_0_0_67698de4ab42a265a517357fa3d90881.jpg
Габуниа еиҭеиҳәеит, Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду иадҳәалоу иҭаацәара рхьаа атәы
Sputnik Аҧсны
Габуниа еиҭеиҳәеит, Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду иадҳәалоу иҭаацәара рхьаа атәы
Џьума Габуниа иабду иашьцәа ҩыџьа рхылҵ фҩык цеит афронт ахь. Урҭ рахьынтә аҩныҟа ихынҳәыз хҩык роуп."Аибашьра анеилгагьы акыраамҭа изымааз, аплен зхызгаз дреиуоуп Бадра Тапагә-иԥа Габуниа, уи иашьеиҵбы - аҩбатәи агәыԥ ахымхәа ҳәа иааз дреиуоп. Егьи, ҳаб иашьа иааз Керч аныргоз иарӷьанапы ицәыӡит. Бадра Тапагә-иԥа иааӡеит ааҩык ахшара, Ҳит иааӡеит ҩыџьа ахшара, Шамел иааӡеит хәҩык", - ҳәа еиҭеиҳәеит Џьума.Џьума Габуниа иҳәеит, Бадра ак ишәымкәа зныкгьы уаҩы дшимбацыз, зны илаԥш даныҵашәа, иҟәаҟәаҿы еибгаз ҭыԥк шыҟамыз шгәаиҭаз, ашәахсҭа дарган.Габуниа иара убасгьы еиҭеиҳәеит аибашьратә хҭысқәа иабду иашьцәа рхылҵ рҟынтә иаҳахьаз.Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2024
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/05/09/1051029072_314:0:1814:1125_1920x0_80_0_0_7ca1c8f4a169470191dc1dd6c36725f8.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, аподкаст, аудио
Габуниа еиҭеиҳәеит Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду иадҳәалоу иҭаацәара рхьаа атәы
18:00 09.05.2024 (ирҿыцуп: 20:28 09.05.2024) Жәандәрыԥшь ақыҭан инхо Џьума Габуниа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит, Аиааира Ду амш иара иҭаацәаразы ҵакыс иамоу атәы, насгьы рабиԥара аҟынтә еибашьуаз фҩык рҭоурых дазааҭгылеит.
Џьума Габуниа иабду иашьцәа ҩыџьа рхылҵ фҩык цеит афронт ахь. Урҭ рахьынтә аҩныҟа ихынҳәыз хҩык роуп.
"Аибашьра анеилгагьы акыраамҭа изымааз, аплен зхызгаз дреиуоуп Бадра Тапагә-иԥа Габуниа, уи иашьеиҵбы - аҩбатәи агәыԥ ахымхәа ҳәа иааз дреиуоп. Егьи, ҳаб иашьа иааз Керч аныргоз иарӷьанапы ицәыӡит. Бадра Тапагә-иԥа иааӡеит ааҩык ахшара, Ҳит иааӡеит ҩыџьа ахшара, Шамел иааӡеит хәҩык", - ҳәа еиҭеиҳәеит Џьума.
Џьума Габуниа иҳәеит, Бадра ак ишәымкәа зныкгьы уаҩы дшимбацыз, зны илаԥш даныҵашәа, иҟәаҟәаҿы еибгаз ҭыԥк шыҟамыз шгәаиҭаз, ашәахсҭа дарган.
Габуниа иара убасгьы еиҭеиҳәеит аибашьратә хҭысқәа иабду иашьцәа рхылҵ рҟынтә иаҳахьаз.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.