Аԥсны

Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аусуҩцәа амаининг-фермақәа хԥа рыԥшааит

Ҩ-фермак Гагра араион аҟны иԥшаан, даҽа акы- Очамчыра.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 11 Sputnik. Акриптофермақәа хԥа рыԥшааит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра.
Амаининг азы ахархәагақәа 13 аус руан Пицунда, асасааирҭа "Ривьера" ацхыраагӡатә нхамҩа ҭыԥ аҟны. Дара ықәыргылан иман Бесаев Едгар Сослан-иԥа.
5-маругак ԥшаан Гагра ақалақь Аҟабардақәа рымҩаду ала игылоу ҩнык аҟны.
Аус зуаз даҽа хә-маругак имырхит Очамчыра араион Маркәыла ақыҭан инхо Воуба Алмас Иасон-иԥа. Амаругақәа зегьы рымхуп.