Аԥсны

Шьамтәыла иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәарҭа Дамаск имҩаԥысуа "Ааԥынтәи акарнавал" иалахәуп

Аусмҩаԥгатәқәа хықәкыс ирымоуп, иалахәу атәылақәа рҭоурыхи ркультуреи аҭааҩцәа дырдырра.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 11 Sputnik. Шьамтәыла иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәарҭа Пакистан ацҳаражәҳәарҭа иҟанаҵаз ааԥхьарала Дамаск имҩаԥысуа "Ааԥынтәи акарнавал" иалахәуп. Абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Мухаммад Али.
Лаҵара 10-11 рзы имуаԥысуа аусмҩаԥгатәқәа хықәкыс ирымоуп, иалахәу атәылақәа рҭоурыхи ркультуреи аҭааҩцәа дырдырра. Уи иалахәуп аккредититациа змоу адипмиссиақәеи шьамтәылатәи ауаажәларратә еиҿкаарақәеи.
Ачерқьесқәа ргәыҳалалратә ассоциациеи ацҳаражәҳәарҭеи еицеиҿыркааит акультуратә программа, кавказтәи афольклортә ансамбль артистцәа акәашарақәа нарыгӡеит.
Аԥсуа павильон сасцәаны иаҭааит Пакистан, Венесуела, Индонезиа рыцҳаражәҳәаҩцәеи Алада-Африкатәи ареспублика аусқәа рзы агәрагеи.