АҞӘА, лаҵара — 12 Sputnik, Бадри Есиава. Асахьаҭыхҩы Арсоу Берзениа раԥхьатәи хаҭалатәи ицәыргақәҵа аатит акультура-усутә платформа "Гәыма" аҟны амҽыша, лаҵара 12 рзы.
Аҟәыргақәҵахь инагоуп 75 усумҭа, урҭ рҟынтәи иҟоуп аскульптурақәагьы.
"Ацәыргақәҵаҟны уусумҭақәа даҽа блак ала уахәаԥшуеит, анаҩс усахьаҭыхымҭақәа даҽакала урызнеиуеит. Иҟалап ари сызшьцылоу сыстиль сыԥсахыргьы", — ҳәа иҳәеит арадио Sputnik аинтервиу азҭаз Арсоу Берзениа.
Ацәыргақәҵа мҩаԥысуеит лаҵара 14-нӡа. Иара Аҳәынҭспортеилакы имҩаԥнаго "Арт-резиденциа "Гәыма" апроект иахәҭакуп.