Аԥсны

Агәабзиарахьчара аминистр аԥснытәи амедиеҳәшьцәа рзанааҭтә ныҳәамш рыдиныҳәалеит

Адунеи зегь аҟны есышықәса Амедиеҳәшьцәа рымш азгәарҭоит лаҵара 12 рзы.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 12 Sputnik. Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба амедиеҳәшьцәа рзанааҭтә ныҳәамш рыдиныҳәалеит. Абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.
Агәабзиарахьчара аминистр иазгәеиҭеит, амедиеҳәшьцәа аӡәырҩы Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан иуадаҩыз аҭагылазаашьаа аҟны аибашьцәа ацхыраара ду шрырҭоз.
"Аибашьра ашьҭахьтәи ашықәсқәа рзгьы ҳмедиеҳәшьцәа имариамыз амҩа ианысит. Ачымазаҩ игәабзиара ашьақәыргылараз 80% рҟынӡа иназыгӡо амедиеҳәшьцәа роуп. Ҳмедиеҳәшьцәа хамеигӡарада рус гәцаракрыла иазнеит акоронавирустә ҽкчымазара COVID-19 апандемиа аамҭазы", - ҳәа аҳәоит адныҳәалараҟны.
Быҭәба амедиеҳәшьцәа ирзеиӷьеишьеит игәышьҭыхгоу ахҭыс бзиақәеи, иҭынчу амшқәеи, ачымазҩцәа рҟынтәи гәыкала аҭабуреи.