АҞӘА, лаҵара — 12 Sputnik. Аԥсны Зҽаԥсазтәыз азыҟаҵаҩ, СССР аспорт азҟаза, Леон иорден занашьоу Роман Чрыгба игәаларшәара иазку абокс азы жәларбжьаратәи аицлабра аатит Гәдоуҭа лаҵара 11 рзы, абри атәы Sputnik иазеиҭанаҳәеит Гәдоуҭатәи ахәыҷтәы-ақәыԥштә аспорт школ.
Аицлабра иалахәуп 15 команда. Быжь-командак Аԥсны араионқәа рҟынтәи, аа-командак ааит Урыстәыла еиуеиԥшым арегионқәеи ДЖәР, Ҟарачы-Черқьесск, Ҟәыбан, Тыва, Кемеровтәи аобласт уҳәа рҟынтәи.
Лаҵара 13-нӡа имҩаԥысуа аицлабракәа рхы рыладырхәуеит 200-ҩык инарзынаԥшуа аспортсменцәа. Абаксиорцәа рықәгыларақәа ахәшьара рырҭоит урыстәылантәи иааз аӡбаҩцәа.
Роман Чрыгба игәаларшәара иазку аицлабра мҩаԥыргоит Гәдоуҭатәи ахәыҷтәы-ақәыԥштә аспорт школи Гәдоуҭа араион Абокс азы афедерациеи.
Роман Чрыгба 54 шықәса дшырҭагылаз 2013 шықәсазы дшьын Лыхны, иҩны аизааигәара. Иара далахәын Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра, ианашьоуп Леон иорден. 2005 шықәсанӡа аус иуан Гагра араион Цандрыԥшь аҳабла ахадас, далхын Гагра араионтә еизара адепутатс.