Аԥсны

Гәдоуҭа иаатит Владислав Арӡынба игәалашәара иазку афотоцәыргақәҵа "Афырхаҵа иаша"

Аԥсны раԥхьатәи ахада диит 1945 шықәса лаҵара 14 рзы.
Sputnik
ГӘДОУҬА, лаҵара 14 – Sputnik, Бадри Есиава. Гәдоуҭа, Сергеи Дбар ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә музеи аҿы иаатит Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба игәалашәара иазку афотоцәыргақәҵа "Афырхаҵа иаша".
Лаҵара 18 аҟынӡа иаарту аекспозициа еиднакылоит 146 ҭыхымҭа. Урҭ рҟынтәи 34 раԥхьаӡа акәны ицәыргоуп.
Амузеи адиректор Гәыгәыца Џьыкырԥҳа ишылҳәо ала, раԥхьатәи ахада иԥсҭазаара даналҵ ашьҭахь, амузеи аҟны есышықәса имҩаԥыргоит ацәыргақәҵақәеи агәалашәаратә хәылԥазқәеи.
Амузеи архив аҟны еидкылоуп 500 инареиҳаны фотосахьа.
"Арҭ аҭыхымҭақәа ирылоуп раԥхьаӡа акәны ишәҳарбо. Урҭ Валери Аршба иальбом аҟынтәи иаагоуп. Хара имгакәа Владислав Арӡынба иархивтә фотосахьақәа рцәыргақәҵа ҿыцкгьы шәыдаагалараны ҳаҟоуп", — ҳәа лҳәеит лара.
Владислав Арӡынба иажәеи иаамҭеи
Ажурналист Кама Быҭәԥҳа лықәгылараҟны иазгәалҭеит Владислав Арӡынба ақырҭуа мпыҵахалаҩ ииааира аус аҟны илагала хәшьара шамам, ажәлар дшырзааигәаз, аԥсуа культуреи атрадициақәеи реиқәырхара иҽшазишәоз.
Ашәҟәыҩҩы Лили Ҟаитанԥҳа даԥхьеит Владислав Арӡынба изкыз раԥхьатәи иажәеинраала.
Ацәыргақәҵа иаҭааит Гәдоуҭа араион ахада ин.н. Рауль Лолуа, ақыҭақәа рхадацәа, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа.
Аԥсны
Валери Аршба Владислав Арӡынба изы: илеишәа цәгьаӡамызт, дыџьбаран ауп