АҞӘА, лаҵара 14 - Sputnik. Очамчыра араион аҿы ареспубликатә мҩаду аӡы аным, ақыҭақәа Џьгьарда, Кәтол, Аҭара рҿы аӡы еиқәтәеит. Абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит Очамчыра араион амцарцәара-еиқәырхаратә ҟәша аиҳабы Мурман Ԥачлиа.
Заанаҵтәи адыррақәа рыла зынӡа араион аҿы 35-40 рҟынӡа ҩны ааха роуит.
Очамчыра араион аҟны қыҭақәак аӡы рыҵалеит лаҵара 13 рзы иауз ақәаршыҩ иахҟьаны. Ақыҭақәа Кәтол, Џьгьарда, Ӷәада, Аҭара ақыҭақәа рҟны амҩақәа, ацҳақәа, анышәынҭрақәа аӡәӡәеит, аҩнқәа ирыҩналеит. Аԥхасҭа зауз ақыҭақәа дырҭааит атәыла ахада Аслан Бжьаниа.
Бжьаниа Акапиталтә ргылара Аусбарҭа аиҳабы Ҭемыр Агрба анапынҵа ииҭеит аилахәыра "Аԥсныҟәарахьчара" иатәу атехника Џьгьардеи Кәтоли ақыҭақәа рахь ииеигарц.
Ахада иҳәеит аԥхасҭа амҽхак аныԥхьаӡахалак ашьҭахь аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рҿы ацхыраара шыҟаҵахо.