Аԥсны

Ақыҭанхамҩа аминистрра 38 тонна аџьықәреи алаҵаразы Аԥсны араионқәа ҩба ирзынанашьҭит

Ақыҭанхамҩа аминистрра аџьықәреи алаҵаразы иалнакааз аматериал Аԥсны араионқәа ҩба - Гәдоуҭатәии Очамчыратәии ирзынашьҭуп.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 15 – Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны ақыҭанхамҩа аминистрра 19-19 тонна аџьықәреи алаҵаразы Гәдоуҭатәии Очамчыратәии араионқәа ирзынанашьҭит ҳәа иҳәеит аусбарҭа аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Дмитри Ҳагәышь.
"Ииасыз ашықәс аҽаҩра лаҟәи ауааԥсыра ирымаз апроблемақәеи инарыдҳәаланы ахада Аслан Бжьаниа аминистрра анапынҵа аиҭеит алаҵараз аматериал араионқәа ҩба ирыҭазарц", - иҳәеит иара.
Ҳагәышь иажәақәа рыла Гәдоуҭа араион ахь инаргахьеит ирзоужьу 19 тонна алаҵатә. Мышқәак рыҩныҵҟа аматериал Очамчыра араион ахьгьы инагахоит.
Ақыҭақәа рхадацәа алаҵатә раԥхьа иргылан зынхаратә ҭагылазаашьа уашәшәыроу ирзыршоит.