Аԥсны

Бжьаниа аҳаирбаӷәаза "Аҟәа" аиҭашьақәыргылареи аргылареи ирызкыз аилацәажәара мҩаԥигеит

Sputnik
АҞӘА, лаҵара 15 – Sputnik. Аслан Бжьаниа аусутә еилацәажәара мҩаԥигеит Владислав Арӡынба ихьӡ зху аҳаирбаӷәаза "Аҟәа" аиҭашьақәыргылареи аргылареи ирызкыз акоординациатә штаб алархәны.
Аиԥылараан аремонт-еиҭашьақәыргыларатә усурақәа рымҩаԥысшьа иалацәажәеит.
1 / 3

Аҳаирбаӷәаза "Аҟәа" аиҭашьақәыргылареи аргылареи ирызкыз аилацәажәара мҩаԥигеит Бжьаниа

2 / 3

Аҳаирбаӷәаза "Аҟәа" аиҭашьақәыргылареи аргылареи ирызкыз аилацәажәара мҩаԥигеит Бжьаниа

3 / 3

Аҳаирбаӷәаза "Аҟәа" аиҭашьақәыргылареи аргылареи ирызкыз аилацәажәара мҩаԥигеит Бжьаниа

Иахьатәи аамҭазы аинерттә материалқәа рышьҭаҵаразы абаза аиқәыршәара иаҿуп. Ихыркәшоуп ацемент-бетонтә зауадқәа рышьаҭақәа рыҟаҵаразы аусурақәа, азауадқәа рхаҭақәа реибыҭара иаҿуп. Иргылоуп аусадуларҭатә база иакәыршоу агәараанда, амаҭәахәқәа раагара иаҿуп. Аҵԥраара-тәаратә цәаҳәа, ақәҵәиаарҭақәа, аперрон реиҭашьақәыргылара аамҭала ишазгәаҭоу еиԥш имҩаԥысуеит.
Аҳәынҭқарра ахада анапынҵа ҟаиҵеит апроект анагӡара иалахәу аминистррақәеи аусбарҭақәеи русеицура аиӷьтәразы.
Аԥсны
Бадра Гәынбеи Бабышьира ақыҭа ауааԥсыреи аҳаирбаӷәаза аиҭашьақәыргылара иалацәажәеит