АҞӘА, лаҵара 16 - Sputnik. 85 шықәса раԥхьа қарҭтәи абахҭаҿы аргәаҟрақәа зызхымгакәа зыԥсҭазаара иалҵыз Сариа Лакәаба дыргәаладыршәит Аҟәа.
Ауаажәларратәи аполитикатәи аусзуҩцәа, Ауаажәларратә палатеи Акультура аминистрреи русзуцәа ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит аполитикатә репрессиақәа ирылаӡыз рбаҟа аҿаԥхьа.
1939 шықәса лаҵара 16 рзы қарҭтәи абахҭаҿы аргәаҟрақәа лызхымгакәа лыԥсҭазаара далҵит Сариа Лакәаба, Нестор Лакәаба иԥшәмаԥҳәыс. Лара 35 шықәса ракәын илхыҵуаз. Сариа Лакәаба аԥсра ԥеиԥшс ишлоуаз шылдыруазгьы, лыҷкәын дахьдырҳәацәоз лгәы шыҿнакаауазгьы, лара лыԥшәма, жәлар рԥыза Нестор ажәлар драӷоуп ҳәа Бериараа илдырҳәарц ирҭахыз дақәшаҳаҭымхеит. Уи алагьы Сариа лыԥшәма ихьӡ лыхьчеит, ҳтәыла аинтересқәа лымҭиит.