Урыстәыла

Иран ақәгәыӷуеит 2024 шықәсазы МТК "Север — Юг" аганахь ала усурақәа ирылагоит ҳәа

Sputnik
АҞӘА, лаҵара 17 - Sputnik. Тегеран ақәгәыӷуеит жәларбжьаратәи атранспорттә коридор "Север-Юг" азы ихымԥадатәиу апроект Решт - Астара анагӡаразы Урыстәылеи иареи русеицура 2024 шықәсазы ихацыркхоит ҳәа иҳәеит Урыстәыла иҟоу Иран ацҳаражәҳәаҩ Казем Џьалали "Урыстәыла – аԥсылман дунеи: KazanForum" афорум аҟны.
Ииасыз ашықәс, лаҵарамзазы Урыстәылеи Ирани рнапы аҵарҩит жәларбжьаратәи атранспорттә коридор "Север-Юг" мраҭашәаратәи амаршрут аихамҩахәҭа амҩангаразы ихымԥадатәиу апроект Решт - Астара анагӡаразы адокументқәа.
Уаанӡа, афорум аҿы Урыстәыла атранспорт аминистр ихаҭыԥуаҩ Дмитри Зверев иҳәахьан ҳазҭоу ашықәс аҩнуҵҟа амҩаҟаҵара иалагараны ишыҟоу.
"Акоридор мраҭашәаратәи амҩахәҭа аганахь ала макьаназ апроблемақәа ыҟоуп. Ҳара урҭ аус рыдаауылоит. Проблеманы иаҳшьоит Решт – Астара рыбжьара аихамҩа аҟамзаара. Урыстәылеи Ирани ақәгәыӷуеит 2024 шықәсазы аусурақәа рылагара алыршахап ҳәа", - иҳәеит Џьалали.
Ацҳаражәҳәаҩ иара убасгьы иазгәеиҭеит, мрагыларатәи амаршрут (Урыстәыла - Ҟазахстан - Туркмениа - Иран) ииасыз ашықәс азы аусура ишалагаз. Уи амҩала имҩаныргахьеит 650 000 тонна аидарақәа, аха Џьалали иажәақәа рыла акоридор ашықәс аҩнуҵҟа иалшоит 15 миллион тонна амҩангара.
Џьалали иҳәеит сынтәа ишазԥхьагәаҭоу амаршрут "Север - Юг" мрагыларатәи ахәҭа алшарақәа 2 миллион тонна рҟынӡа ахагалара. Акоридор аҽа маршруткгьы мҩасуеит Каспи иаваршәны. Адипломат иазгәеиҭеит 2023 шықәсазы ишымҩангаз 10 миллион тонна аидарақәа. Жәларбжьаратәи атранспорттә акоридор (МТК) "Север-Юг" - мультимодальтә маршрутуп. Санкт-Петербург аҟынтәи Мумбаи (Индиа) аҟынӡа инаӡоит, 7,2 нызқь километра иҟоуп. Аус руеит МТК амаршрутқәа хԥа: транскаспитәи (аихамҩақәеи абаӷәазақәеи), мраҭашәаратәии мрагыларатәии (адгьыл-мҩатә).