Аԥсны

Олег Бебиа игәалашәаразы абокс азы атурнир мҩаԥысит Гәылрыԥшь араион аҿы

Sputnik
АҞӘА, лаҵара 18 - Sputnik. Урыстәыла атәылахьчара иатәу "Афырхаҵаразы" аорден занашьоу Олег Бебиа игәалашәаразы абокс азы атурнир мҩаԥысит Гәылрыԥшь араион аҿы.
Атурнир иалахәын атәыла араионқәеи ақалақьқәеи рҟнытәи 80-ҩык аспортсменцәа.
Аиааира згаз ахраҿақәеи, амедалқәеи, аҳаҭыртә шәҟәқәеи ранашьан, иара убас "Аиааирахь агәазыҳәара", "Иреиӷьу ақәԥаҩ", "Атурнир аҿы иреиӷьу атехника" ҳәа хаҭалатәи аҳамҭақәа ранашьан.
Аԥсни Урыстәылеи аспорт азҟаза, Урыстәыла атәылахьчара иатәу амедали "Афырхаҵаразы" аордени занашьоу Олег Бебиа хатгәаҳарала Донбасс ахьчараз деибашьуан, дҭахеит лаҵарамза 10 2023 шықәсазы.
Данҭаха ашьҭахь Аԥсны ианаршьеит "ДЖәР Гьаргь иџьар" актәи аҩаӡара.