Аԥсны

Урыстәылатәи аҳазалхыҩцәа Аԥснынтәи изакәанымкәа асигареҭ алагалара аԥдырҟәҟәааит

Sputnik
АҞӘА, лаҵара 18 - Sputnik. Урыстәылатәи аҳазалхыҩцәа Аԥснынтәи изакәанымкәа 800 цыра асигареҭ алагалара аԥдырҟәҟәааит. Абри атәы аанацҳауеит аҳазалхра апресс-маҵзура.
Аԥснынтәи аҳәаа иахыҵыз амашьына "Ауди А4" ааныркылеит урыстәылатәи аҳәаахьчаҩцәа.
"Амашьына агәаҭараан аҭыԥ маӡақәа ирҭаҵаны имҩаныргоз асигареҭ ԥшаан", — иҳәеит аҳазалхратә ҭыԥ "Адлер" аиҳабы Алексеи Быков.
Еиду Арабтә Емиратқәа рҟны иҟаҵоу аҭаҭын аалыҵ урыстәылатәи акцизтә маркақәеи иҷыдоу адыргақәеи рықәыргыламкәа ииаргон. Аконтрабандатә ҭаҭын аалыҵи амашьынеи рымхуп.