Аԥсны

Аслан Бжьаниа адышшылара ҟаиҵеит Иран ахада иҭахара инамаданы

Иран ахада Ебраҳим Раисии Адәныҟатәи аусқәа рминистр Амир Абдоллахиани ҭахеит лаҵара 19 рзы изҭатәаз авертолиот анкаҳа.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 20 Sputnik. Аслан Бжьаниа адышшылара ҟаиҵеит Иран ахада Ебраҳим Раисии Адәныҟатәи аусқәа рминистр Амир Абдоллахиани рҭахара инамаданы. Абри атәы аанацҳауеит атәыла ахада ипресс-маҵзура.
Атәыла ахада иҭахаз рыуацәеи рҭынхацәеи, Иран аиҳабыреи ажәлари ирзеиӷьеишьеит изқәшәаз арыцҳара иаиааиратә ачҳараӷәӷәа.
"Иран ахада Ебраҳим Раисии адәныҟатәи аусқәа рминистр Амир Абдоллахиани, егьырҭ акыр зҵазкуа аҳәынҭқарратә усзуҩцәеи рҭахара ажәабжь Аԥсны гәалсра дулла ирыдыркылеит", – ҳәа аҳәоит адышшыларатә шәҟәы аҟны.
Аслан Бжьаниа иазгәеиҭеит, Ебраҳим Раиси адунеи ауаажәларра ргәалашәараҿ дшаанхо Иран аҭахрақәа арӷәӷәаразы жәларбжьаратәи аренаҿ злагала ӷәӷәа алазгалаз, иалкаау напхгаҩны.