Аԥсны

Абылтәы аекспорт азы Урыстәыла иалагалаз аамҭалатәи аԥкрақәа ааннакылеит

Абылтәы аекспорт азы Урыстәыла аԥкра алагалан хәажәкыра 1 инаркны нанҳәа 31 рҟынӡа аҭаххара ӷәӷәа аныҟоу аамҭазы абылтәы аџьармыкьаҿы аҭагылазаашьа аҭышәныртәаларазы.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 21 – Sputnik. Абылтәы аекспорт азы Урыстәыла иаланагалаз аамҭалатәи аԥкрақәа ааннакылеит ҳәа аанацҳауеит Аминистрцәа реилазаара.

"Аиҳабыра абылтәы аекспорт аамҭалатәи аԥкра ааннакылоит 2024 шықәса рашәара 30 рҟынӡа. Убри аан аԥкрақәа шыҟац иаанхоит ԥхынгәы 1 инаркны нанҳәа 31 рҟынӡа. Абри азы ақәҵара анапы аҵаҩуп. Амчра аиуеит ианыркьыԥхь арыцхә инаркны" - ҳәа аҳәоит Аиҳабыра рофициалтә Telegram-канал.

Аԥкра алагалан хәажәкыра 1 аахыс. Уахь иаҵаркымызт Аԥсны, Аахыҵ Уаԥстәыла, ЕАЕС атәылақәа, Монголиа, Узбекистан.
Урыстәыла аҩнуҵҟатәи аџьармыкьа азхара ахьыҟоу иабзоураны Аиҳабыра амашьыназы абылтәы аекспорт азы атәылаҟны иаларгалаз аамҭалатәи аԥкрақәа аԥырхит аҩнуҵҟатә џьармыкьа аҭәреи наплакқәак иахәҭаны ишьоу ахышәаҵышәа аасҭа еиҳаны анефҭаалыҵ аусадулара мҩаԥырымгаларц, иара убасгьы аекспорт иазырхиаз, аха атәыла иалгамыз абылтәы абаӷәазақәа рҿы аҟазаараҟынтә ахақәиҭтәразы.