Арадио

Атәылауаҩи аиҳабыреи: Сабуа Аԥсны амшынҭалара аамҭа иахьынӡазыҟаҵоу атәы

Sputnik
Амшынҭалара сынтәа аофициалла ианаартхо, ауааԥсыра ршәарҭадара аиҿкааразы араионқәа рнапхгареи амшын аҟәара қьырала изго анаплакҩцәеи еиҿыркаараны иҟоу аусқәа, рҿаԥхьа иқәгылоу адҵақәа ахьынӡанагоу, ауадаҩра хадақәа зыдҳәалоу, арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Зышәагаа маҷу аӷбақәа рзы АҶА агәаҭаратә маҵзура аиҳабы Ҭенгиз Сабуа.
Аԥсны мраҭашәаратәи ахәҭа иахьаҵанакуа, Аҟәа инаркны Цандрыԥшьынӡа сынтәа амшынҭалара аамҭа аофициалла рашәара акы инаркны аартра азгәаҭоуп, Очамчыреи Гәылрыԥшьи – рашәарамза жәаба рзы ҳәа иҳәеит Сабуа. Аплиажқәа рҿы аҭгылазаашьа ҷыда ҟамларц азы ақалақьқәа рхадарақәа иҟаҵатәу азы аԥҟарақәа зну ашәҟәқәа рырҭеит. Амшынҭалара аамҭа аартра ҩымш шагу ирҭаараны иҟоуп Гәылрыԥшьи Очамчыреи аԥҟарақәа шынарыгӡаз аилкааразы ҳәа иҳәеит Сабуа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудифаил аҟны хыхь.