Аԥсны

Москва имҩаԥысуеит апроект "SputnikPro на Зубовском" аҩбатәи асезон

Sputnik
АҞӘА, лаҵара 21 – Sputnik. Апроект "SputnikPro на Зубовском" аҩбатәи асезон аусура иалагеит Москва амедиагәыԥ "Россия сегодня" амедиамаҷ апресс-центр аҟны.
Аԥсны, Азербаиџьан, Ермантәыла, Белоруссиа, Ҟазахсҭан, Кыргызсҭани, Молдовантәи, Узбекьысҭан, Аахыҵ Уаԥстәыла рҟынтәи апроект иалаху 12-ҩык ажурналистцәа алшара рымоуп амедиагәыԥ "Россия сегодня" аекспертцәа рԥышәа рымадара.
Иара убасгьы, хәымш рыҩнуҵҟа дара ирзыԥшуп ҳаамҭазтәи амедиа ихадоу ахыхарҭақәа рыла амастер-классқәеи аԥышәатә зыҟаҵарақәеи.