Аԥсны

Ԥшьымз рыҩнуҵҟа 16 миллион мааҭ ахараԥса ылхуп амҩатә ԥҟарақәа реилагаразы

Sputnik
АҞӘА, лаҵара 21 – Sputnik. 2024 шықәса раԥхьатәи ԥшьымз рыҩнуҵҟа 16 миллион мааҭ ахараԥса ылхуп амҩатә ԥҟарақәа реилагаразы ҳәа адырра ҟаиҵеит аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Кьиут, Жәлар Реизара-Апарламент аҿы "анапхгаратә сааҭ" амҩаԥгара аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысыз адепутатцәеи иареи реиԥылараан.
"Иаарԥшуп 24480 амҩатә ԥҟарақәа реилагара. Уажәызы ахараԥса ҳәа 16 миллион мааҭ ылыргахьеит ", — иҳәеит аминистр.
Иара иажәақәа рыла, ари аамҭазы ареспубликаҿы 42 мҩатә машәыр ҟалеит, иҭахеит 14-ҩык, 51-ҩык аахақәа роуит. Ари аамҭа иаҿыр пшны 2023 шықәсазы 25-ҩык ҭахеит.