Аԥсны

Уасил Царгәыш ихьӡ зху Аҳәынҭансамбль Ориол имҩаԥысуа жәлар рҟазара афестиваль иалахәхоит

Sputnik
АҞӘА, лаҵара 22 - Sputnik. Уасил Царгәыш ихьӡ зху Аԥсны Зҽаԥсазтәыз жәлар рашәаҳәареи рыкәашареи Аҳәынҭқарратә ансамбль раԥхьаӡа акәны иалахәхоит Ориол ақалақь аҿы имҩаԥысуа Аиашахаҵаратә культуреи ажәлар рҟазареи VII Жәларбжьаратәи афестиваль.
"Амҩа ҳақәуп. Аколлектив агәалаҟазаара бзиа рымоуп. Амҩа ҳахьықәугьы ҳшәаҳәоит. Афестиваль раԥхьаӡа акәны ҳалахәхоит" — ҳәа иҳәеит аколлектив адирижиор хада Оҭар Ферзба.
Ансамбль аҳәаанырцәтәи ахәаԥшҩы идыргалоит аԥсуа жәлар рашәақәа аабеи аурыс жәлар рашәаки.
Аиашахаҵаратә культуреи ажәлар рҟазареи VII Жәларбжьаратәи афестиваль "Иԥшьоу Урыстәыла атрадициақәа" Урыстәыла аҭаацәара рышықәс иазкуп.