Аԥсны

Урыстәыла иҟоу Аахыҵ Уаԥстәыла ацҳаражәҳәаҩ "Ахьӡ-Аԥша" аорден III аҩаӡара ианашьоуп

Sputnik
АҞӘА, лаҵара 22 - Sputnik. Урыстәыла иҟоу Аахыҵ Уаԥстәыла ацҳаражәҳәаҩ Знаур Гассиев "Ахьӡ-Аԥша" аорден III аҩаӡара ианашьоуп.
Аусԥҟа инапы аҵеиҩит Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа. Гассиев аорден ианашьоуп Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рыжәларқәа рыбжьара аусеицуреи реиҩызара арӷәӷәареи рҟны хаҭалатәи илагала ду азы.
Аҳамҭа ацҳаражәҳәаҩ инапаҿы ииҭеит Урыстәыла иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Алхас Кәыҵниа.