Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Владимир Харабуа данҭаха ашьҭахь ианаршьеит "Афырхаҵаразы аорден"

Sputnik
АҞӘА, лаҵара 22 - Sputnik. Ажьырныҳәамзазы Авдеевка ажәылараан иҭахаз Владимир Харабуа данҭаха ашьҭахь ианаршьеит "Афырхаҵаразы аорден".
Абри азы аусԥҟа инапы аҵеиҩит атәыла ахада Аслан Бжьаниа. Харабуа иԥшәмаԥҳәыс аорден лнапы иаиркит Аԥсны АШәМ ахада Ҭемыр Ахьиба.
Аинтернационалтә бригада "Пиатнашка" аибашьҩы, "Микич" ҳәа хьыӡшьараны измаз ари аорден ианашьоуп ДЖәР аҵакыраҿы Арратә операциа ҷыдаҟны гәымшәарылеи фырхаҵарылеи ихы ахьааирԥшуаз азы.