Аԥсны

Аԥхынра рколлегацәа ирыцхраац Аԥсныҟа иаауеит урыстәылатәи амедусзуҩцәа жәаҩык

Sputnik
АҞӘА, лаҵара 22 - Sputnik. Аԥхынтәи аԥсшьара аамҭаз рколлегацәа ирыцхраац Аԥсныҟа иаауеит урыстәылатәи амедусзуҩцәа жәаҩык.
Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра ахәшәтәра-профилактикатә цхыраара аусбарҭа аиҳабы Баҭал Кациа иажәақәа рыла, Аԥснытәи рколлегацәа ирыцхраарц иаауеит урыстәылатәи амедусзуҩцәа: ахәыҷыҳақьымцәа, аинфекционистцәа, ареаниматологцәа, аԥҟаҩцәа, атерапевтцәа.
Дара аус рулоит Гагра, Пицунда, Гәдоуҭа ахәшәтәырҭақәа рҟны.