Аԥсны

Арҵаҩратә ҟазара ашкол аатуеит аԥхынразы Аҟәа

Sputnik
АҞӘА, лаҵара 23 - Sputnik. Арҵаҩратә ҟазара ашкол аатуеит аԥхынразы Аҟәа лҳәеит Аҟәа ақалақь аҵара аҟәша аиҳабы Асҭанда Ҭаркьылԥҳа.
Уи иалахәхоит аԥсуа школқәа рырҵаҩцәа шәҩык.
ААУ арҵаҩцәа, Апедагогикатә институт аусзуҩцәа, Тамбовтәи аҳәынҭуниверситет ахаҭарнакцәа, Аҟәатәи ашколқәа иреиӷьу рырҵаҩцәа алекциақәа, аҟаза-иклассқәа, атренингқәа мҩаԥыргоит.
Аԥснытәии урыстәылатәии аҟазауаа рԥышәа аимадара, рырҵаҩратә ҟазара аизырҳара иазырхоуп ари апроект лҳәеит Ҭаркьылԥҳа.