Аԥсны

Аԥснытәи ажурналистцәа ХVIII Жәларбжьаратәи амедиа-форум "Диалог культур" иалахәуп

Sputnik
АҞӘА, лаҵара 23 - Sputnik. Аԥснытәи ажурналистцәа ХVIII Жәларбжьаратәи амедиа-форум "Диалог культур" иалахәуп, абри атәы аанацҳауеит "Аԥсныпресс".
Афорум мҩаԥысуеит Санкт-Петербург лаҵарамза 22-25 рзы.
Афорум иалахәуп 29 тәылеи Урыстәыла 45 арегионқәеи рҟынтәи ажурналистцәа, арежиссиорцәа, афотоҭыхыҩцәа, аблогерцәа. Дара аҟаза-иклассқәеи, аиҿцәажәарақәеи, астол гьежьқәеи ирылахәоит, иара убас афотоцәыргақәҵақәа еиҿкаахоит.
Иара убас афорум алахәылацәа амультимедиатә нҵамҭақәа рырхиаразы Урыстәыла ақалақьқәа ирҭаауеит.